From Wikipedia, the free encyclopedia
Гьаргь ацқьа ихьӡала Елыр иҟоу ауахәама (ақырҭ. ილორის წმინდა გიორგის ეკლესია) — Аԥсны XI ашәышықәса иаҵанакәа архитектуратә баҟа, иргылоуп Елыр ақыҭа агәҭаны. Абжьарашәышықәсақәа рхаан абри ауахәама акрызҵазкәаз ақырҭуа ныҳәарҭан. Илԥшааху изышәареи зхаҭабзиара ҳараку анагӡашьеи абзоурала, абри ауахәама абжьарашәышықәсақәа раан Қырҭтәыла арегионқәа рсахьаркыратә хырхарҭақәа аазырԥшуаз аргыламҭақәа иреиуп. 2006 шықәса абҵара 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, ауахәама анашьан амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа[1].
Елыратәи Гьаргь ацқьа ихьӡ зху ауахәама иаамҭаркуп XI ашәышықәса. Ауахәама беан ақьырсианратә ацқьарақәа рыла. Ахыннатә уи Одышь амрагылара-аладахьтәи аганахь ауахәама- аберҭыԥқәа ауахәаматә маҭәақәа ркасса, уаҟа даараӡа ирацәаны ауахәаматә ацқьарақәеи акыр иаԥсаз амаҭәақәеи ахьышьҭаз акәын, урҭ ируакуп Бедиатәи аҿагьы. Елыратәи Гьаргь ацқьа ихьӡ зху ауахәама адҩылақәа ҟаҵоуп ақырҭуа аҩыра аҿиара аҳракырақәа рыхԥагьы рыла: ахалагарҭатә, нусхури, мхедрули (арратә) рыла анҵамҭақәа. Убри аҟнытә, адҩылақәа раамҭаркра ала, ианызҵоз аӡәы иакәзар ҟалоит. XI ашәышқәса инаркны ицәахуп аџьоуҳар зну аԥенџьыр аҿаԥшылара, аԥынгыла, афронтон иаакәыршаны аџьоуҳарла иҟаҵоу аиашакәакьа ахаҳә аџьар зну, амрагыларатә афасад аҟны Гьаргь ацқьа арелефтә исахьа.
Иахьатәи аҭагылазаашьала, ақырҭуа ауахәама аурыс аҟәырч ахадыргылеит, адәахьылатә анаҿаԥшылареи, аҩнуҵҟа ахәҭаки ашкәакәа ԥштәыла иршәит, амрагыларатәи аган, ақырҭуа адҩыларақәа ахьыҟаз, зегьы аныхны ҿыц ишьыхуп. Елыратә ауахәама ианашьоуп амилаҭтә ҵакы змоу астатус. [2][3]
1868 шықәсазы абаҟа ибит, дахцәажәеит Димитри Бақраӡе. 1888 шықәсазы Аԥсны аекспедициала дыҟан А.М. Павлинов. Аекспедициа инаҵакны игәаҭан Елыратә аныхагьы, уаҟа иҟаз ацқьарақәагьы. Иазгәаҭатәуп аекспедициа аан иҭыхыз афотоқәа ишьҭоуп аурыс архитеқтортә афотограф апионер Иване Баршьевски иеизга аҟны. Аекспедициа аан иҭаҩын Елыратә ауахәама аҟны ишьҭаз аҿақәа ҩба, аҳәыҳә сахьа зныз ауахәаматә маҭәахәы, иара убас Гьаргь ацқьа ҩба, Онофри ацқьа ҩба, ҳазшази, Гьаргь ацқьа аџьашьахәытә ичаԥаз аныхақәа ҩбеи, иара убас Гьаргь ацқьа ичаԥаз аныха-кареди, уи Елыратәи Гьаргь ацқьа ихьӡ зху ауахәама ихадаӡаз анцәаихаҵаратә ареклиқвиа акәын.
2009 шықәса абҵара 23 рзы, Гьаргь ацқьа иныҳәамш азгәаҭаразы, Қырҭтәыла амилаҭтә банк иҭнажьит Гьаргь ацқьа иуахәама иазку, 10 лари аноминал змоу, араӡнытә, гәаларшәагатә, аколлекциатә монета. Аноминал: 10 лари Акапан: 28.28 гр., адиаметр: 38.61мм, Аилазаара: Ag.925 , Ахаҭабзиара: иреиҳаӡоу –„Proof“ Ахыԥхьаӡара: 1500 цыра. Амонета ҟаҵан 2009 шықәсазы, финлиандиатәи ахьиҭирҭаҿы. Аҭыжьра алимит: 3000 цыра. Амонета адизаин авторцәа роуп: Мамука Гонгаӡеи (ареверс) Ҭемур Аԥхаӡеи (аверс). Аверс: адизаин акомпозициа ҟаҵоуп XVII ашәышықәсазы италиатәи абер Кристофоро де Кастелли иҟаиҵаз асахьақәа рышьаҭала – Гьаргь ацқьа ихьӡала Елыра иҟоу ауахәамеи, Елыр ақыҭеи, аҽыуааи. Акомпозициа ҟаҵоуп Кавказтәи ашьхақәа рқәыԥшылараҿы. Амонета ладахьтәи арӷьаратәи ахәҭаҿы ақәҩыра ҟаҵоуп „Қырҭтәыла“ , иара убас, аҭыжьра ашықәс «2009». Ареверс: Амонета агәҭаны иарбоуп Гьаргь ацқьа иуахәама уажәтәи аԥшра, уи ҵаҟатәи агәҭанытә ахәҭаҿы римтәи ацифрала иарбоуп ауахәама аргылара арыцхә «XI–шәш.». Амонета агежь армарахьтәи ахәаҭаҿы иануп аноминал азгәазҭо ацифра «10» ақәҩыра «лари», агежь хыхьтәи ахәҭаҿы иаарԥшуп Қырҭтәыла агерб, уааҵәҟьа иҟоуп ақәҩыра. [4]
Seamless Wikipedia browsing. On steroids.
Every time you click a link to Wikipedia, Wiktionary or Wikiquote in your browser's search results, it will show the modern Wikiwand interface.
Wikiwand extension is a five stars, simple, with minimum permission required to keep your browsing private, safe and transparent.