Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаратә мчқәа
From Wikipedia, the free encyclopedia
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаратә мчқәа (аур. миротво́рческий континге́нт ООН, афр. Les casques bleus, агер. Blauhelme) – атәылақәа рырбџьармчтә контингент — Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара алахәылацәа, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны иазоужьу, аҭынчреи ашәарҭадареи раԥыхра, мамзаргьы раԥырҟәҟәаара, аекономикатә, мамзаргьы аполитикатә ҟазшьа змоу ашәага-загақәа аназымхо аамҭазы, иаку мчылатәи аусқәа рыла (арратә демонстрациа, арратә блокада уҳәа реиԥш иҟоу) иаԥызхуа архәҭақәоуп.
1988 шықәса рзы, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаратә мчқәа иранашьан Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада акәзар – Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ЕАР) Абжьаҟазаратә мчқәа рымш аԥнаҵеит.