From Wikipedia, the free encyclopedia
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ООН – аԥс. ЕАР) – жәларбжьаратәи аиҿкаара, иаԥҵан жәларбжьаратәи аҭынчреи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәареи рыдгылареи, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аҿиареи аусеицуреи рзы.[1]
Аҵыхәтәантәи адунеитә еибашьреи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аԥҵареи ашықәс еиқәшәоит, арҭ аҩхҭыск ҟалеит Жьҭаарамза 24, 1945 шықәсазы. Усҟан Сан-Франциско еизеит ҩынҩажәи жәаба тәыла рхаҭарнакцәа, иҷыдоу аиҿкаара аԥырҵарц хықәкыс иҟаҵаны. Ари аконференциа Думбартон-Окс имҩаԥысыз аиԥылара иалҵшәахеит – усҟан Британиаду, Китаи, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Асовет Еидгыла рхаҭарнакцәа ажәалагалақәа ҟарҵеит ари аиҿкаара Аԥҟаԥҵәазы. Думбартон-Окс аиԥылара мҩаԥысуан 1944 шықәса мшаԥымза инаркны жьҭаарамзанӡа, рашәарамза 26 рзы аԥҟаԥҵәа рнапы аҵарҩит 50 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа. Ари амш иагьыԥхьаӡоуп Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аԥҵара иамшны.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аԥҵара мзызс иаман даҽа адунеизегьтәи еибашьрак алмыршара, актәии аҩбатәии адунеизегьтәи аибашьрақәа раан еиԥш ауаарацәа рҭархара алмыршаразы.[2]
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Аԥҟаԥҵәа аҟны иазгәаҭоуп аиҿкаара ахықәкқәа зегьы. Уи инақәыршәаны дара зегьы ззырхоу аҭынчреи ашәарҭадареи адгылара азыҟаҵара ауп. Даҽакала иуҳәозар, ЕАР – ари жәларбжьаратәи амҽхак змоу ҭынчымҩала аконфликтқәа рҭышәныртәалара ауп.
Убри анаҩсгьы, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара жәларбжьаратәи амҽхак змоу, асоциалтә, аекономикатә, акультуратә реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа рыла аусеицура азҵаарақәа рыӡбара анапы алакуп.[3]
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа хада аилацәажәаратә, адирективтә, ахаҭарнакратә органк аҳасаб ала аҭыԥ хада аанакылоит. Ассамблеиа хада жәларбжьаратәи аҭынчреи ашәарҭадареи раԥҵара ахырхарҭа апринципқәа ирыхәаԥшуеит:
Ассамблеиа хада, иара аӡбамҭа ала, уи аднакылеит ԥхынҷкәынмза 17, 1993 шықәсазы, аилазаараҿы иамоуп Ихадоу аилакқәа фба:[4]
Абри анаҩсангьы, Ассамблеиа Хада ахеилакқәа аԥнаҵеит:
Акомитет Хада аилазаара иалоуп: Ассамблеиа Хада ахантәаҩы; ахантәаҩы ихаҭыԥуаа, ахеилак хадақәа рхантәаҩцәа, урҭ алырхуеит хә - регионк ргеографиатә хаҭарнакра апринцип инақәыршәаны: Азиа, Африка, Латинтәи Америка, Мраҭашәаратәи Европа (Канада, Австралиа, Зеландиа ҿыц убрахь иналаҵаны), насгьы Мрагыларатәи Европа.
ЕАР Ассамблеиа Хада ҷыдалатәи асессиа еизыргалар рылшоит иарбан зҵааразаалак азы Ашәарҭадаратә Хеилак адҵала жәохә мшы ирылагӡаны, ЕАР амаӡаныҟәгаҩ Хада идҵа шроулак, мамзаргьы ЕАР алахәылацәа реиҳараҩык рыдҵа ала. 2014 шықәса алагамҭазы мацара 28 ҷыдалатәи асессиақәа рахь ааԥхьара рыҭан адунеи аҳәынҭқаррақәа реиҳарак ирыдҳәалаз азҵаарақәа рзы: ауаҩы изинқәа рзы, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчаразы, анаркотикқәа ирҿагыланы ақәԥаразы уҳәа реиԥш иҟаз рылацәажәараз. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы асессиақәа мҩаԥгазар ауеит ЕАР Ашәарҭадаратә Хеилак, мамзаргьы ЕАР аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа рыдҵала 24 сааҭ ирылагӡаны, ус еиԥш ЕАР амаӡаныҟәгаҩ Хада идҵа шаароуз.[1]
ЕАР ихадароу усбарҭаны иҟоуп ассамблеиа Хада, уа иаарԥшуп аиҿкаара иалахәу аҳәынҭқаррақәа зегьы. Аха аҭакԥхықәра хада, аҭынчра аиқәырхаразы изду – ашәарҭадаратә Хеилак ауп.
Ашәарҭадаратә Хеилак жәларбжьаратәи аҭынчреи ашәарҭадареи раԥҵаразы аҭакԥхықәра адуп, уи аӡбамҭа иқәныҟәозароуп ЕАР алахәылацәа зегьы. Ашәарҭадаратә Хеилак жәохәҩык алахәылацәа рыла ишьақәгылоуп: хәҩык Ахеилак алахәылацәа еснагьтәиқәоуп (Урыстәыла, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Франциа, Китаи), егьырҭ жәаҩык алахәылацәа (аԥҟаԥҵәа атерминологиа ала – «еснагьтәиим») дара алырхуеит Ахеилак ахь ишьақәгылоу апроцедура инақәыршәаны, Аԥҟаԥҵәа ахәҭаҷ 23, аҩбатәи апункт аҟны ишарбоу еиԥш. Еснагьтәи Ашәарҭадаратә Хеилак алахәылацәа авето ақәҵаразы азин рымоуп.
Амаӡаныҟәгарҭа аусбарҭа егьырҭ ЕАР азы ихадароу аусбарҭақәа рымаҵ ауеит, насгьы урҭ ирыдыркыло апрограммақәеи аполитикатә шьақәгылақәеи нанагӡоит. Амаӡаныҟәгарҭа аштаттә еилазаара иалоуп 37 505-ҩык аусзуҩцәа – жәларбжьаратәи аперсонал, дара адунеи зегьы аҟны аус руеит, Аиҿкаара еснагьтәи еиуеиԥшым аусқәа нарыгӡоит. ЕАР Амаӡаныҟәгарҭа аиҟәшақәа Ниу-Иорки егьырҭ ЕАР агәҭантәи аусбарҭақәеи рҿы иҟоуп (ЕАР иреиҳау аиҟәшақәа ыҟоуп Женева, Вена, Наироби). ЕАР амаӡаныҟәгарҭа ЕАР аусбарҭақәа русура еиҿнакаауеит, иалнаршоит ЕАР аматериалқәа ркьысԥхьра раларҵәара, архивқәа рыҵәахра, жәларбжьаратәи аҳәынҭқаррақәа реиқәышаҳаҭрақәа рҭыжьреи ашәҟәырҭагалареи. Амаӡаныҟәгарҭа дахагылоуп ЕАР амаӡаныҟәгаҩ Хада.[6]
Амаӡаныҟәгаҩ Хада дахагылоуп амаӡаныҟәгаҩ Хада, уи дазҭо Ассамблеиа Хада ауп. Ашәарҭадаратә Хеилак иҟанаҵо адгалара ала, иара дылырхуеит хәышықәса ҳәа, даҽа зныкгьы ари аҭыԥ ахь деиҭалырхыртә алшарақәа изааныжьны. Уажәтәи аамҭазы ахархәара амоуп аџьентельментә еиқәышаҳаҭра ҳәа изышьҭоу, уи ала аҳәынҭқарра атәылауаҩы – ЕАР Ашәарҭадаратә Хеилак еснагьтәи алахәыла ЕАР Амаӡаныҟәгаҩ Хадас дҟаларц залшом.[7] Амаӡаныҟәгаҩ хада ари ЕАР аԥхьагыла иоуп, иара аиҿкаара ахьӡ ала аҳәамҭақәа ҟаиҵоит, иара убасгьы адунеи аҟны иҟоу ашәарҭаразы Ахеилак адырра аиҭоит.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы ЕАР Амаӡаныҟәгаҩ хадацәа:[8][9]
ЕАР раԥхьатәи алахәылацәаны иҟалеит 50 ҳәынҭқарра, ЕАР Аԥҟаԥҵәа знапы аҵазҩыз, рашәарамза 26 1945 шықәсазы Сан-Францискотәи аконференциа аан. 1946 шықәсазы ЕАР иалаҵан 150 ҳәынҭқарра инарзынаԥшуа (аха убри аан ҳәынҭқаррақәак, Иугославиа, Чехословакиа, СССР реиԥш иҟаз, ихьыԥшым ҳәынҭқаррақәаны рҽеиҩыршеит). 2011 шықәса рашәарамза 14 рзы, ЕАР Аладатәи Судан алахәылас ианыҟала, ЕАР аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа рхыԥхьаӡара 193 рҟынӡа инаӡеит.[10]
ЕАР иалахәылацәаны иҟалар зылшо жәларбжьаратәи азхаҵара зауз аҳәынҭқаррақәа роуп – жәларбжьаратәи азин асубиектқәа. ЕАР Аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны, ЕАР иалаларц зҭаху зегьы рзы ашәқәа аартуп, аха урҭ аҳәынҭқаррақәа аҭынчра бзиа ирбозар ауп, Аԥҟаԥҵәа иқәныҟәозар ауп. Иарбанызаалак аҳәынҭқарра Аиҿкаара алахәылас аҟаларазы Ассамблеиа Хада ақәҵара аднакылар ауп, насгьы Ашәарҭадаратә Хеилак абжьгара ҟанаҵар ауп.
Алахәыла ҿыц аиҿкаара алаҵаразы иаҭахуп жә-ҳәынҭқаррак инадыркы жәохә ҳәынҭқарра рҟынӡа – Ашәарҭадаратә Хеилак алахәылацәа, (убриаан хәҩык еснагьтәи алахәылацәа – Британиаду, Китаи, Урыстәыла, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Франциа – авето ақәырҵар ауп) рыдгылара хымԥадатәиуп. Ашәарҭадаратә Хеилак адгалара анышьақәырӷәӷәахалак анаҩс азҵаара Ассамблеиа Хадахьы ирышьҭуеит, уа арезолиуциа адкыларазы абжьқәа реиҳарак аҭахны иҟоуп. Аҳәынҭқарра ҿыц ЕАР иалахәылахоит Ассамблеиа Хада арезолиуциа анақәнаҵа аҽны инаркны.[11]
Аиҿкаара аусуразы ишьақәыргылоуп аофициалтә бызшәақәа. Арҭ абызшәақәа рсиа арбоуп аиҿкаара аорганқәа рыԥҟарақәа зегьы рҟны. Аофициалтә бызшәақәа рыла иҭрыжьуеит ЕАР адокумент хадақәа зегьы, арезолиуциагьы убрахь иналаҵаны. Аусуратә бызшәақәа рыла иҭрыжьуеит астенографиатә ҳасабрбақәа, иара убасгьы ажәахәқәа, иарбанызаалак аофициалтә бызшәа ала иҳәаз.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аофициалтә бызшәақәаны иԥхьаӡоуп:
Аҭынчра адгылара азыҟаҵареи жәларбжьаратәи ашәарҭадареи ихадоу инструментны иҟоуп ЕАР абжьаҟазаратә операциақәа. Урҭ русура ахырхарҭақәа Ассамблеиа Хада акыр арезолиуциақәа рыла иазгәаҭоуп, дара зегьы Аиҿкаара Аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны ирыдыркылаз роуп. ЕАР Аԥҟаԥҵәа ахаҭа аҟны акәзар, абжьаҟазаратә операциақәа рымҩаԥгара азгәаҭаӡам. Аха дара рыҟазаара алыршоуп ЕАР ахықәкқәеи апринципқәеи азгәаҭаны, убри аҟынтә Ашәарҭадаратә Хеилак еснагь иахәаԥшуеит иарбанызаалак абжьаҟазаратә миссиак аҟазаара азҵаарақәа.
ЕАР ала абжьаҟазаратә операциа амҩаԥгара абарҭқәа рыла иаарԥшызар алшоит:
Ԥхынҷкәынмза 10, 1948 шықәсазы ЕАР Ассамблеиа Хада иаднакылеит, иагьрыланаҳәеит Ауаҩы изинқәа рзы Еицырзеиԥшу адекларациа, анаҩс аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа ирыдыргалеит ари Адекларациа атекст аларҵәара, еиҳаркгьы арҵаратә ҵараиурҭақәа, ашколқәа уҳәа рҟны еилыхра ҟамҵакәан, атәыла аполитикатә статуси аҵакырадгьыли иазхьамԥшкәа.
Агуманитартә катастрофақәа ҟаларц алшоит ианакәызаалак, иарбан ҭыԥзаалак аҟны. Уи зыхҟьазаалакгьы – аӡхыҵра, аарҩара, адгьылҵысра, аконфликт – еснагь ауаҩы иԥсҭазаара ашәарҭара иҭанаргылоит, мамзаргьы иҿахнаҵәоит, ауаа рҭыԥқәа ирыхнацоит, рыҟазаара акыр агәырҩеи арыцҳареи иҭанаргылоит. Атәылақәа акраамҭа аԥсабаратә рыцҳарақәа зыхҭысуа, мамзаргьы аконфликтқәа иргәыланахалаз рзы, агуманитартә цхыраара иахәаԥшуеит аҭынчра ргыларак аҳасаб ала, уи агәыӷра рнаҭоит аполитикатәи афинанстәи цхыраара шроуа азы агәрагаразы.
ЕАР – Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа иалауреатуп (2001 ш.), ари апремиа Аиҿкаара иаԥсахеит адунеи зегьы аҟны аҭынчра ашьақәыргыла аус аҿы алшарақәа рзы. 1988 шықәса рзы адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа роуит ЕАР абжьаҟазаратә мчрақәагьы. ЕАР аусура даара адгылара ӷәӷәа арҭон еицырдыруа ауаа – Ан Тереза, Боно, Анџьелина Џьоли, апринцесса Диана, Шакира, Далаи- Лама XIV уҳәа реиԥш иҟаз.
Жьҭаарамза 21, 2020 шықәсазы Урыстәылатәи Абанк иҭнажьит ЕАР аԥҵоуижьҭеи 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы х-мааҭк ицоз агәаларшәаратә араӡны монета.[13]
Авикимедиаҿ еизгоуп абри атема иазку афаилқәа: Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара |
Seamless Wikipedia browsing. On steroids.
Every time you click a link to Wikipedia, Wiktionary or Wikiquote in your browser's search results, it will show the modern Wikiwand interface.
Wikiwand extension is a five stars, simple, with minimum permission required to keep your browsing private, safe and transparent.