Аԥсны Жәлар Реизара
From Wikipedia, the free encyclopedia
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент - ихадоу Аԥсны Аҳәынҭқарратә азакәанԥҵаратә усбарҭоуп. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент хәышықәса аҿҳәара рыҭаны иалху 35-ҩык адепутатцәа рыла ишьақәгылоуп.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатс дыҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхразы» Аконституциатә закәани инарықәыршәаны, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат истатус азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәани иазԥхьагәарҭо азакәанԥҵаратәии егьырҭ азинмчқәеи рынагӡаразы азинмчы змоу ажәлар рхаҭарнак.