From Wikipedia, the free encyclopedia
Иапониа[1] (аиап. 日本, «Ниҳон коку», «Ниппон коку» |日本国}} — адгьылбжьахатәи аҳәынҭқарра Азиаҟны ауп. Аокеан Ҭынч аҟны, Иапонтә амшыни, Чыни, Ҩадатәгьы Аладатәгьы Кореи, Урыстәылеи мрагыларахь иҟоуп. Атерриториа Охоттә амшын аҟнытә аҩадаҟны Мрагылартә-Чынҭатә амшын аҟнынӡа аладаҟны иаҵанакуеит. Иапониа аҳҭнықалақь Токио ауп.
Иапониа | |
---|---|
日本 | |
Агимн:
Адевиз: «Endless discovery Y Darganfod Diddiwedd» | |
Агеографиа | |
Аҳҭнықалақь | Токио |
Ақәӡара | 377 972,28 км² |
Еиҳаӡоу аҭыԥ | Фудзияма (3 776 м) |
Асааҭтә зона | японское стандартное время, Asia/Tokyo UTC+9:00 |
Акоординатқәа | 35° ҩ. ҭ., 136° мг. н. |
Аиужьратә дыррақәа | OSM |
Ауааԥсыра | |
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара | 125 440 000 ҩык |
Ауааԥсыра рыжәпара | 331,9 ҩык / км² |
АҾИ | 0,925 |
Аофициалтә бызшәа | Иапон бызшәа |
Администрациа | |
Аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа |
наследственная монархия, аконституциатә монархиа, иаку аҳәынҭқарра |
Ашьақәгылара |
лаҵарамза 3, 1947 ш., жәабранмза 11, 660 ш. ҳ. ҟ., абҵарамза 29, 1890 ш. |
Аимператор | Нарухито |
Аԥыза-министр | Сигэру Исиба |
Авалиута | Иапониатәи аиен |
Жәларбжьаратәи аидентификациа | |
ISO 3166-1 | 392 JPN JP |
Автомобильтә код | J |
Ателефон код | +81 |
Адомен | .jp |
Аҵанакы — 377 944 км².
Аҳәынҭқарра иаланхо — 126 740 000-ҩык. (2017 ш.).
Раԥхьатәи аҷыдарақәа Иапонтә архипелаг ауаа рықәныпхара ицәырҵон 40тә ҟа азқьышықәса ҳ-е-ӡа иапонтә апалеолит, иарбан 12тә азқьышықәсаӡа ҳ-е-ӡа еиҵиҵит, алагамҵа аан. Ажәытәтәи Иапониа ауааԥсыра ашәарыцареи аҟәшәареи ауон, раԥхьатәи аџьаџьа ахаҳәтә амаругақәа реиҟаҵон. Ари апериод аҿы акерамикатә алхымҭақәа ыҟам азы, апериод акерамикаӡымҭа ихьӡырҵоит. 12 000 шықәсаҟнытә ҳ-е-ӡы ӡиомон апериод изҵысит, уи амраҭашәаратәи атәылақәа рҭоурых археологиатәи апериодизациала мезолити неолити ирышьашәалоуп.
500-ҟа шықәса ҳ-е-ӡы иаиои период изҵысит. Иаиои аан Иапонтә архипелаг аҿы ақәҭәаратә аԥрынџьлаҵара, акыцӡратә аикәагьежь, асарҭы, аметаллқәа рқәаарыхра, ахырӷәӷәарҭақәа — рцәырҵит. Арҭ аҿыцқәа Иапониахь Чынҭеи Кореи рҟнытә аиммигрантцәа раагеит.
Аиапонцәа раԥхьаӡа ачынҭатәи ҭоурыхтә ахроника Ханьшу рыхиҳәааит. Чынҭатә «Х-аҳрак рҭоурых» Ва-тәыла (ус чынҭуаа Иапонтә архипелаг ихьӡырҵеит) еиҳа какала ирҵеит. Ари хроникала ахԥатәи шықәсаҿы аҳра амч-алшара дуӡа измо Иаматаи аҳра иҟан, Химико иаҳкәажәан.
250тә ш. аҿы Кофуи апериод иаиои еибаԥсахит. Ари апериод аан ахәҳәыгәрақәа ркултура иплеит. Иамато араион аҿы ахьӡык иапонтә аҳәынҭқарра ицәырҵит.
Иапониаҿы иҟьаҿу ашьхатә ӡиасқәа рацәаны иҟоуп (Шинано, Тоне, Китаками).
Иапониа 47 аҩаӡара дуӡӡа административтә акқәа — префектурқәа, азы ишоит. Еспрефектура префект дха иргылоуп.
Ниже представлен список префектур в порядке ISO 3166-2:JP, сгруппированных по регионам.
Ҳоккаидо
1. Ҳоккаидо |
Тохоку
2. Аомори |
Канто
8. Ибаракьы |
Чиубу
15. Ниигата |
Кансаи
24. Мие |
Чиугоку
31. Тоттори |
Шикоку
36. Токушима |
Кьушуи Окинавеи
40. Фукуока |
Иапониа Азиа зегь раҵкьыс аҿиара змоу тәылоуп. Амра зегь раҧхьа игылоит Ипониа, избанзар уи егьырҭ атәылақәа зегь рааасҭа мрагылара иазааигәоуп. Убри азы Иапониа Мрагылара Атәыла ҳәа иашьҭоуп. Иапониа 128 миллионҩык ауааҧсыра нхоит. Иахьатәи ҳаамҭа иақәшәо атехника зегь реиҳа иахьыҟарҵо Иапониа ауп. Убри азы Иапониа ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ртәыла ҳәа иашьҭоуп. Иапониа ҳаамҭа иақәшәо тәылоуп, аха иахьа уи дахагылоуп аимператор. Иапониаа ирымоуп даараӡа ижәытәӡоу акультуреи атрадициеи, урҭ даара ҳаҭыр рықәырҵоит ркультуреи рытрадициақәеи. Абри азы Иапониа атуристцәа бзиа ирбо тәылоуп. Зегь реиҳа атуристцәа Иапониаҟа иаауеит хәажәкырамза анҵәамҭеи мшаԥымза алагамҭеи рзы. Уи аамҭазы ара ишәҭуеит сакура.
Сакура ари иапониатәи ацаҵлоуп. Иара шәҭуеит ааҧын. Сакура иапониатәи акультура иахәҭакуп. Уи ашәҭра ажәытә иапониатәи асахьақәа ирнуп. Сакура бжьымшы роуп ианышәҭуа. Уи абжьымшы иапониаа рзы ныҳәоуп. «Ханами» иапон бызшәала иаанагоит ашәҭ аҧшӡара аҟынтә агәахәара аиура. Сакура ашәҭ гәилҧштәуп, мамзаргьы ишкәакәоуп. Иара иапониаа рҿы захьынџьара иуҧылоит. Сакура абыӷьқәа афатә алырхуеит.
Иапониаа ихадоу ржәытә традициатә фатә хкуп – суши. Урҭ фатәыс рхы иадырхәоит амшын ирнаҭо афатәқәеи абрынџьи. Акрыфараан иапониаа аҳәызбеи ачқыҧи рхы иадырхәаӡом. Урҭ амҿы иалхыу ҩ-лабак рыла акрырфоит. Суши – ари традициатә фатәуп. Уи аҧсыӡ аӡеи абрынџьи ирылырхуеит. Суши иапониаа рыдагьы бзиа избо ыҟоуп. Уи адунеиаҿы зегь реиҳа зыхә ҳараку, ихаау афатә хкқәа иреиуоуп.
Асамураицәа ҳәа ажәытә аиапонтә еибашьцәа ирышьҭан, аиапон бызшәала самураи амаҵзура аанагоит. Самураи иҭауад дихьчон. Аибашьраҿы самураи ихы иаирхәон аҳәа. Аҳәа иапон бызшәала катана ахьӡуп. Самураи зегьы деицырдыруан ҟазарала аҳәа ахархәаразы. Асамураицәа амаҭәа ҷыда рыман. Урҭ ирыман рзакәанқәа рышәҟәы. Асамураицәа урҭ азакәанқәа ҳаҭыр рықәырҵон, урҭ рыҭауадцәа рыҧсахӡомызт. Ирытҟәаз Асамураицәа рҽыршьуан аҳәа рылаҵаны. Уи харакири ахьӡын. Харакири – ахаҵара иасимволын. Асамураицәа рхаҵаразы ирацәаны ашәҟәқәа рыҩхьеит. Иара убас «Быжьҩык» асамураицәа» ирызкны иҭыхуп зегь еицырдыруа иапониатәи афильм.
Иапониатәи аҟазара иамоуп ижәытәӡатәиу атрадициақәа. Иапониатәи атеатр иахьӡуп кабуки. Кабуки – акәашареи ашәаҳәареи ҳәа еиҭаргоит. Ажәытә аҳәса ракәын актиорцәас иҟаз. Жәибжьтәи ашәышықәсазы зегьы аҽаҧсахит. Ахацәа ракәхеит актиорцәас иҟалаз. Актиорцәа дара рымаҭәа ҷыда ныҟәыргон. Уи амаҭәа ахалаҭ (аҵкыҧхьарҟьа) еиҧшуп. Уи аҵкыҧхьарҟьа иапон бызшәала иахьӡуп кимано. Кимано иахьагьы Иапониа еиҧш, егьырҭ атәылақәа рыҿгьы ирылаҵәахьеит. Кабуки атеатр аҿы аҵак дуӡӡа амоуп актиорцәа рмакиаж, урҭ дара рхала иҟарҵоит. Раҧхьа урҭ рхырҿы ахәша ахьыршьуеит, анаҩс ашәыга шкәакәа, аҵыхәтәан, рқьышәқәа ашәыга ҟаҧшь ахьыршьуеит, рыблақәа ашәыга еиқәаҵәа. Аспектакль анҵәамҭазы, актиорцәа рхырҿы абырфын хҵәаха адырҵоит. Амакиаж абырфын ахь ииасуеит. Ас еиҧш иҟоу абырфын ахҵәаха актиорцәа кыраамҭа ирҵәахуеит. Кабуки иахьазы иапониаа рзы бзиа ирбо аамҭа хгагоуп.
Иапониаа атрадициақәа рыдагьы, бзиа ирбоит аҧшӡара. Бонсаи – ари иапониатәи аҵан ҵлақәа (аҵлахәыҷӡақәа) роуп. Урҭ аҟәџьалхәыҷқәа рҿы ирызҳауеит. Бонсаи, иаабахьо аҵлақәа иреиҧшуп, аха даара ихәыҷӡақәоуп, урҭ инықәырҧшны ҩажәижәаба сантиметра инаӡоит. Бонсаи ааӡара даара иуадаҩуп. Урҭ рныҟәгаразы иҷыдоу анышә, амра шәахәа рацәаны, аӡы, арҵәыга рҭахуп.
Иапониатәи ашахматқәа шоги рыхьӡуп. Раҧхьаӡакәны ашахматқәа цәырҵит Индиа. Шоги цәырҵит аабатәи ашәышықәсазы индиатәи ашахматқәа рнаҩс. Ажәакала шоги иамоуп индиатәи ашахматқәа излареиҧшым ахатә ҧҟарақәа. Иаҳҳәап, аицлабҩы иигаз афигура, иацлабуа ихы иаирхәар ҟалоит.
Еиуеиҧшым амаҭәарқәа ақьаад иалхны аҟаҵара оригами ахьӡуп. Китаи ақьаад иаҧсадгьылуп, аха ақьаад иалху иссиру амаҭәарқәа рыҧсадгьыл Иапониа ауп. Оригами напыла иҟарҵоит. Урҭ ажәытә аҵак ду арҭон, рыхгьы иадырхәон адинтә ныҳәақәа раан. Ныҳәақәак раан иапониаа иҟарҵон акәалаҧ хәыҷқәа – санбо, уахь иҭарҵон аҧсыӡи ауаҭраҭыхи рыҟнытә ҽыҭқәак. Самбо иҭаҵаны Иапониаа ауахәамақәа рахь инаргон аныҳәагатәқәа. Ишаабо ала, иапониаа рзы адини оригами ҷыдала еидҳәалоуп. Иапониа Оригами ибзианы аҟаҵашьа здыруа аҵарабзиеи аилкаара змоу аӡә иакәны дрыҧхьаӡон. Иапониаа еиуеиҧшым афигурақәа рыла еиуеиҧшым ацәаныррақәа аадырҧшуеит. Аиҩызара иасимвалны иҟан аҧарҧалыкь, аҧсаатә, ашәҭ. Иапониа оригами аҿы зегь реиҳа ирдыруа сахьан апҟа шкәакәа. Аҧҟа шкәакәа анасыҧи аҧсынҵры дуи ирсимволын. Иапониаа агәра ргоит ақьаад иалхыу апҟа шкәакәақәа шәкы ҟазҵаз игәҭакы шынаӡо ала.
Кимано иапониатәи аҳәсақәа ртрадициатә маҭәоуп. Иҟалап, уи ахалаҭ (аҵкыҧхьарҟьа) иеиҧшзар. Ари иауу ҵкуп, аӡараҿы маҟала иҿарҳәоит. Аҳәса ркимоно еиҧш иҟоуп ахацәа ркимоногьы. Ус уахьахәаҧшуа иара баша ҵкык еиҧшуп, аха иара иамоуп ҩажәа елемент, уи хымҧада ашәҵашьа иазкуп. Кимано аҧҟарақәа ирықәшәо аӡә ихала ашәҵара илшаӡом. Уи азы иаҭахуп хҩык. Кимано есыҽны ашәҵаразы иманшәалаӡам. Ҳаамҭазтәи иапониатәи аҳәса еиҳа ишырзымарио рҽеиларҳәоит. Урҭ аелементқәа зегьы рхы иадырхәаӡом. Даара акраҵанакуеит акимано иану асахьақәа. Ашықәс аамҭақәа узырбо асахьақәа зну акимано зегь реиҳа ирылаҵәоуп. Акимано аҵаҟа, иапониаа асарочка, аиҧка ршәырҵоит, ирышьарҵоит иапониаа ршьаҵа агета. Гета амҿи, ацәеи ирылырхуеит. Ашьхәа жәа-сантиметрак инаӡоит. Ажәытә ари аимаа аибашьраан аибашьцәа ирышьарҵон.
Икебана иҷыдоу ҟазароуп. Ари ашәҭқәа ирылхыу ашәҭрқьақьоуп. Ажәытә икебана адинтә ныҳәақәа раан рхы иадырхәон, уи аритуалқәа раан Анцәа изыршаз акакәын. Икебана иара асимвалтә ҵакы амоуп. Уи ажәҩани, адгьыли, ауаҩи символла иаанарҧшуазароуп. Арҭ ах-символк ашәҭқәеи, амахә ҟатеи, абӷьқәеи рыла икебана аҟазацәа иҟарҵон. Икебана аҟаҵараан узхымҧо ашәага-загақәа ирықәныҟәатәын.
Иапониа амҩақәа аргылара аԥара рацәаны иақәихарџьит. 1,2-ҟа млн. км мҩа еилаҳәоқәа ихы еирхәо автотранспорт аныҟәага хада иҟоуп. Иапониахь амҩа армаварала рныҟәоит.
Аихамҩатә акомпаниақәа ржәабақәа атәылатәгьы арегионтәгьы аџьармыкьаҿы еиндаҭлоит. Ҿырԥштәы азы: Иапониатәи Аихамҩақәа рыбжь-компаниақәа роуп.
Иапониа 173 аҳаирпортқәа имоуп.
Амш | Ахьӡ |
---|---|
Ажьырныҳәамза 1 | аиап. 元日 – ганџицу (Ашықәс Ҿыц актәи амш) |
Ҩбатәи ажьырныҳәамзатәи ашәахьа | аиап. 成人の日 – сеиџин но ҳи (ақәранаӡара мшы) |
Жәабранмза 11 | аиап. 建国記念の日 – кенкоку кинен но ҳи (День основания государства) |
Хәажәкырамза 20 ма 21[2] | аиап. 春分の日 – шиумбун но ҳи («Тамашәҭын») |
Мшаԥымза 29[3] | аиап. 昭和の日 – шио:ва но ҳи (Шиова амш) |
Лаҵарамза 3[3] | аиап. 憲法記念日 – кемпо: кинемби (Аконституциа амш) |
Лаҵарамза 4[3] | аиап. – мидори но ҳи (День зелени) |
Лаҵарамза 5[3] | аиап. こどもの日 – кодомо но ҳи Ахәыҷқәа рымш |
Ахԥатәи ԥхынгәымзатәи ашәахьа | аиап. 海の日 – уми но ҳи (Амшын амш) |
Нанҳәамза 11 | аиап. 山の日 – иама но ҳи (Ашьха амш) |
Ахԥатәи цәыббрамзатәи ашәахьа | аиап. 敬老の日 – кеиро: но ҳи (День почитания старших) |
Цәыббрамза 22 ма 23[2] | аиап. – шиу:бун но ҳи («Тамачан») |
Ҩбатәи жьҭаарамзатәи ашәахьа | аиап. 体育の日 – таиику но ҳи (Абаҩрҵәыра амш) |
Абҵарамза 3 | аиап. – бунка но ҳи (Акультура амш) |
Абҵарамза 23 | аиап. 勤労感謝の日 – кинро: каншиа но ҳи (День благодарности труду) |
Seamless Wikipedia browsing. On steroids.
Every time you click a link to Wikipedia, Wiktionary or Wikiquote in your browser's search results, it will show the modern Wikiwand interface.
Wikiwand extension is a five stars, simple, with minimum permission required to keep your browsing private, safe and transparent.