Амшын Еиқәа
From Wikipedia, the free encyclopedia
From Wikipedia, the free encyclopedia
Амшын Еиқәа[1] — Атлантикатә амшынду бассеин аҩныҵҟатәи амшыноуп. Босфор аӡыбжьындала уи еидылоит Амармал мшын, анаҩс Дарданеллақәа аӡыбжьындала еидылоит Егеитәи Адгьылбжьаратәи амшынқәа. Кьерч аӡыбжьындала еидылоит Азовтәи амшын. Аҩадантәи иҵауланы иалалоит амшын ахь Крымтәи адгьылбжьахабжа. Европеи Азиеи аӡытәи рҳәаа иахысуеит Амшын Еиқәа иалсны. жьҭаарамза 31 Амшын Еиқәа амш.
Амшын Еиқәа ақәӡара аҵанакоит 422 000 км². Иара аҿыкәыршала еиԥшуп ииашам аформа змоу аихагежь еиҳа иахьыҭбаау 1150 км хьыҟоу. Еиҳаӡоу аҵаулара иамоуп 2210 м.
Амшын аԥшаҳәа ишьҭоуп быжь-ҳәынҭқаррак: Урыстәыла, Украина, Болгариа, Ҭырқтәыла, Қырҭтәыла.
Амшын Еиқәа ӷәӷәала иҟьашьуеит иара иалало аӡқәа иаларгало ааглырхатә пестидицқәеи, азотқәеи, афосфорқәеи ирыхҟьаны.Азоти афтори рыбзоурала амикроорганизмқәеи аӡҵиаақәеи ироуеит афатә, уи реизҳараҿы иацхраауеит, аха нас ибаауеит аӡы аҵаҿы, аӡы акисларод зегьы алцәцәааны. Акисларод азымхара иахҟьаны иԥсуеит хыԥхьаӡара рацәала аԥсыӡқәа, амоллиускқәа, адыӷаҷиақәа. Иахьа 40% рҟынӡа амшынеиқәа иҭоу зегьы аныӡаара ахықә ихәгылоуп Урҭ ашәарҭара иҭазыргыло иреиуоуп иара убас аӷбақәа, анышьқәа, ашхәақәа. Дара еиладырҩынтуа алыкь аӡы иханагалоит, уи шыхәашьу аҳәарԥсарратә зонақәа рҟынӡагьы инаӡоит. Амшын аҽрыцқьара иахьӡаӡом, уи зегьы аекосистемазы иԥырхагоуп.
Seamless Wikipedia browsing. On steroids.
Every time you click a link to Wikipedia, Wiktionary or Wikiquote in your browser's search results, it will show the modern Wikiwand interface.
Wikiwand extension is a five stars, simple, with minimum permission required to keep your browsing private, safe and transparent.