Коӷониа, Иуа Абас-иԥа
Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, ажурналист / From Wikipedia, the free encyclopedia
Иуа Абас-иԥа Коӷониа (аур. Иуа Абасович Когония, ақырҭ. იუა აბასის ძე კოღონია; хәажәкырамза 13, 1904 ш., Кәтол ақыҭа, Кәыдрытәи аучастка, Аҟәатәи аокруг — рашәарамза 14, 1928 ш., Кәтол) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, ажурналист. Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа аҟны аҵара иҵон (1919), анаҩс иҵара иациҵеит Москватәи аҳәынҭқарратә ажурналистикатә институт аҟны (1925–1928). Игәамбзира иахҟьаны аинститут дзалымгаӡакәан иԥсадгьыл ахь дхынҳәуеит, иаарласнгьы иԥсҭазаара далҵуеит. Иҩымҭақәа акьыԥхь рбеит 1920 шықәсазы. Иуа Коӷониа – алирикатә жәеинраалақәеи апоемақәа аабеи авторс дрымоуп. Дара зегьы аԥсуаа рҵасқәа, рынхашьа-рынҵышьа, аиҩызара, афырхаҵара, аҳаҭырқәҵара, ахьӡи-ахьымӡӷи ишырзыҟаз иазкуп («Зосҳан Ачбеи Жанаа Беслан иԥацәеи», «Наҩеии Мзауҷи», «Абаҭаа Беслан», «Хмыҷ шәарыцаҩ ныҟәаҩы» уҳәа егь.). Иуа Коӷониа ипоемақәа рҟны аҭыԥ ду ааннакылоит иԥсабара гәакьа исахьаркны ахцәажәара. Иара ирҿиара аҟны ахархәара ду рыман амилаҭтә ҿаԥыцтә рҿиамҭақәа, уаантәи иааган амотивқәеи ахаҿсахьақәеи.
Иуа Абас-иԥа Коӷониа | |
---|---|
Иуа Абас-иԥа Коӷониа | |
Аира |
жьҭаарамза 28иул. / абҵарамза 10, 1903 ш.грег. Кәтол |
Аԥсра |
рашәарамза 15, 1928 ш. Аҟәа |
Аусура |
ашәҟәыҩҩы, апоет |
Атәылауаҩра | Асовет Еидгыла |