Цәыббрамза 11, 2001 шықәсазы атеррористтә актқәа
From Wikipedia, the free encyclopedia
Цәыббрамза 11, 2001 шықәсазы атеррористтә актқәа — Цәыббрамза 11, 2001 шықәсазы, ауаатәыҩса рҭоурых аҿы зегьы иреиҳау атеракт мҩаԥган. Уи аҽны адунеи зегь шьанхалеит Адунеизегьтәи ахәҳахәҭратә центри Пентагони рхыбрақәа рҿы имҩаԥгаз атерактқәа ртәы еиҭазҳәоз ателербагақәа рҿаԥхьа. Атрагедиа иалаӡит 92 ҳәынҭқарра иртәылауааз 2977-ҩык ауааԥсыра. Ари ахҭыс Америка, иара адунеи зегьы аҭоурых еиҟәнашеит «уаанӡеи» «уи ашьҭахьи» ҳәа.
«Арҭ арыцхәқәа шьаҭанкыла ирыԥсахит Америка аԥсҭазаара, Америка ауааԥсыра ршәарҭадаразы ирымаз агәаанагара аԥсаҟьеит», – ҳәа азгәеиҭоит «Цәыббрамза жәеиза амилаҭтә баҟеи амузеии» рдиректор Джо Дениелс.
Америка аганахьала амч аарԥшра, иара атәыла аҩныҵҟеиԥш, анҭыҵгьы ацәымӷреи аҿагылареи цәырыргон. Жәларбжьаратәи аҭҵаарақәа инарықәыршәаны, адунеи аҟны Америка аҿагыларазы агәазыҳәарақәа ирызҳауан.[1]