ОБСЕ
From Wikipedia, the free encyclopedia
ОБСЕ (англ. OSCE — Organization for Security and Co-operation in Europe , афр. Organisation pour la sécurité et la coopération en Europe) — Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара. Адунеи аҟны зегь реиҳа идуу регионалтә еиҿкаароуп, иара ашәарҭадара азҵаарақәа анапы алакуп. ОБСЕ еиднакылоит 57 тәыла, Аҩадатәи Америкеи, Европеи, Агәҭатәи Азиеи рҟны иҟоу.
Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара (ОБСЕ) еиҿкаан нанҳәамза акы, 1975 шықәса рзы Финлиандиа, Хельсинки ақалақь аҟны, уи 35 ҳәынҭқарра рхадацәа алахәын уи аҽны рнапы аҵарҩит Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аилатәара Ахыркәшаратә акт.