Николаи ацқьа ихьӡ зху Хәаԥтәи ауахәама
From Wikipedia, the free encyclopedia
Николаи ацқьа ихьӡ зху Хәаԥтәи ауахәама (ақырҭ. ხოფის წმინდა ნიკოლოზის ეკლესია) — Аԥсны Хәаԥ ақыҭан иҟоу архитектуратә баҟа. Аԥсны ашьхарԥы аҿы иҟоу ахәы иқәгылоуп. 18 километр рыла Гәдоуҭа иацәыхароуп, амшын аҩаӡара аҟынтә 280 м. аҳаракыраҿ. Ауахәама ахыжәжәарақәа рҿы иаарԥшу ақырҭуа адҩылақәа инрықәыршәаны, ауахәама иргылан Николаи ацқьа ихьӡала, X ашәышықәсазы.